Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лазԥҳа: санду агәашә аҳаркыр луамызт, лыҷкәынцәа ԥшьҩык аибашьрантә раара дазыԥшын

© Foto / Нахар ЗантарияЛюдмила Лазба
Людмила Лазба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анхәа ақыҭан инхоз Лазба Ибырҳам иԥацәа хәҩык Аџьынџьтәылатә еибашьрахьы ицеит. Урҭ рахьынтә ихынҳәыз аӡәы заҵәык - Шамил иԥха Лиудмила Лазԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лаби лаб иашьцәеи рҭоурых.
Лазԥҳа: санду агәашә аҳаркыр луамызт, лыҷкәынцәа ԥшьҩык аибашьра аҟынтә дырзыԥшын

"Схәыҷаахыс саб Шамил иашьцәа рҭоурых ҳаҩнаҭаҟны пату ақәуп. Трагедианы иҟалаз - хәҩык рахьынтә саб заҵәык иоуп аибашьра аҟынтә зыԥсы ҭаны иааз. Егьырҭ хабарда иӡит ҳәа ауп ишаҳдыруаз акраамҭа. Сабду Лазба Ибырҳами санду Ҭраԥшьԥҳа Назиеи жәаҩык ахшара рааӡеит, быжьҩык аҷкәынцәеи хҩык аӡӷабцәеи. Сабду ианиаамҭаз аҵара изымҵаӡеит Афон ауахәаматә школ аҟны, аха ихшара зегьы аҵара дирҵарц иҽазикит. Уи ҟаиҵартә дагьалаҟан иара, анхаҩы цқьа хәа зырҳәоз иакәын, имал ыҟан. Афонынӡа хәыҷык бжьан, ҳара ҳқыҭа  Анхәа акәын. Аҩны уада дук алхны акласс еиԥш иҟаиҵеит, арҵаҩцәа аҩны иааны ахәыҷқәа аҵара ддырҵон. Саб иашьа аиҳабы Михаил дҭалеит Ленинградтәи иреиҳау аполитшкол. Иҟоуп ашәҟәы иара анхамҩа аганахьала Ермитаж аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан ҳәа зҳәо. Иара ишьҭанеиуаз иашьа Александр Москва амедицинатә институт дҭан, дицхраауан. Ахԥатәи аиашьа Тышькәа атранспорттә еидгылаҟны аус иуан, ишьҭанеиуаз Наиб - дуасҭа бзиан, аԥсуаа ҳҟны ирҳәалоит "инапы ахьы аԥссон" ҳәа. Саб Шамил ашкол ашьҭахь Анхәа рҵаҩыс дыҟан. Ҳара иаҳдыруаз Кан ҳәа ззаҳҳәоз ҳаб иашьа Дикран иоуп. Аиҵыбӡа Константин дкәашаҩын. Иашьцәа аибашьра ианырга, иара аброн иман, аха дцеит. Ҩажәа шықәса ихыҵуан, ҿыц аҭаацәара далалан, асаби диоуит. Егьырҭ аишьцәа ҭаацәараӡамызт. Саб иоуп аибашьра аҟынтәи иааз, аха иаара зны-зынла ихьымӡӷыишьозшәа збон. Сашьцәа зегьы рразҟы са сҟны иаанхеит ҳәа иҳәалон. Саб арра даныргоз 22 шықәса ихыҵуан", - лҳәеит Лазԥҳа.

Аишьцәа Лазаа рҭоурых иаҳа инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит хыхь иагоу аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0