Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қриа иӡыз иашьа Володиа изы: аҵыхәтәантәи исалам шәҟәаҿы лассы снеиуеит ҳәа анын

© Foto / предоставлено Алхасом Манаргия Алексей Кирия
Алексей Кирия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алықьса Қриа иашьеиҳабы Володиа Қриа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан хабарда дыбжьаӡит. Иахьа уажәраанӡагьы еилкаам иаара дахьеибашьуаз, иӡбахә зҳәо шәҟәыкгьы ыҟам, хабарда дшыбжьаӡыз атәы ада иҭаацәа акгьы рзымаац.
Аиааира ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Володиа Қриа изкны

"Володиа зегьы дҳаиҳабын, хәҩык ахшара ҳаҟан. Саб 1943 шықәса рзы дыԥсит, сан - 1973 шықәса рзы. Володиа арра дыргеит 1939 рзы, Џьынџьал ҷкәынаки иареи еицын, аҩныҟа ҳхынҳәуеит лассы ҳәа иҩлон. Аибашьра алагара мышкы шагыз ашәҟәы ҳауит, шьҭа снеиуеит, аҭак ҟашәымҵан ҳәа ахьаныз. Уи нахыс иӡбахә ҳмаҳаит. Акыр ҳашьҭалахьеит ихабар, иӡбахә зҳәо ҳәа ак ҳзыԥшаауаз ҳәа, аха акгьы ҳзеилымкааит. Ашәҟәы ҳамоуп Крыҭшәала иҩу, убра иануп хабарда ибжьаӡыз ҳәа. Керчи Белоруссиеи рыбжьара џьа деибашьуан ҳәа агәҩара ҳамоуп. Ус ицыз Џьынџьал ҷкәынагьы дыбжьаӡит. Иара аҭаацәара даламлацызт, хылҵ ҳәа ӡәгьы димамызт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қриа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира иазку анҵамҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0