Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажьиԥҳа: аҵиаақәа зегьы ҟазшьак-ҟазшьак рымоуп, уи анеилукаалак рааӡара мариахоит

© Foto / предоставлено Есмиль Авидзба Мактина Ажьиҧҳа
Мактина Ажьиҧҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачадара акыҭан иҟоу аҵиааӡарҭеи аҭиирҭеи русзуҩ Мактина Ажьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ашәҭқәеи аҵиаақәеи рааӡара иацу акәамаҵамақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ажьиаԥҳа аҵиаақәа рхылаԥшра иазкны

"Уажәааны ауаа иаҳзаауа ишәҭуа аҵиаақәа роуп ирҭаху, аха ҳара иҳамаӡам шықәсыктәи ашәҭқәа, ҳара иаҳааӡо ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу, акыршықәса зыԥсы ҭазаауа роуп. Иҳамоуп ес-аамҭа ишәҭуагьы. Арахь иаауеит ҿыц аҩнқәа зыргыло рышҭақәа рырԥшӡаразы аҵиаақәа зҭаху. Ачараура аӡәы игәы иҭаикзар, уи дашьҭоуп иаҳа зықәрахь инеихьоу, идуу аҵиаақәа, урҭ аҿаҳҵоит, иааҳгоит Италиантәи. Ҳара иҳамоу аҵиаақәа ҳхала еихаҳҳауеит, уи алагьы акыршықәса зхыҵуа ззаамхәо иаҳҭоит алшара ахҿарах агара. Иаҳа идуу аҵиаа ахылаԥшра мариоуп. Ҿыц иҟоу ашьапы акра иаҳа иацәыуадаҩуп. Удгьыл анаалароуп, аҵиаа акраҿауҵалароуп, ирлас еизҳаӡом, нас ихурффалароуп, абри зегьы аамҭа агоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ажьиԥҳа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаҳьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0