Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нинуа: ачымазара ҿкы арратә ҵараиурҭа аусура иаԥырхагамхеит

© Foto / Игорь НинуаИгорь Нинуа
Игорь Нинуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥштә арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Игор Нинуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа раан аҵараиурҭа аус шауа.
Нинуа: ачымазара ҿкы арратә ҵараиурҭа аусура иаԥырхагамхеит

"Сынтәа иҟоу ачымазара арратә ҵараиурҭа иаԥырхагамхеит ҳәа агәра pгоит, избанзар аҵара мҩаԥысуан. Акарантин аан аҩныҟа аӡәгьы даҳмышьҭӡеит, ҳара аруаа хәыҷык даҽа ԥҟарақәак ҳамоуп. Адәахьы аӡәгьы доуҳмыжьӡеит, уаантәигьы аӡәгьы дааҳмышьҭӡеит. Акарантин аԥҟарақәа ишақәнагоу ҳрыцныҟәон. Ашьыжь абаҩрҵәыра мҩаԥаҳгоит, уи зегьы ирабжьызгоит, аӡәгьы ахьҭа илалом, ргәы бзиа, рхы бзиа иҟазаауеит.

Сынтәа ԥшышықәса аҵара зҵаз аушьҭымҭацәа хәҩык ҳамоуп. Зегьы ибзианы аҵара рҵоит, агәра ганы сыҟоуп иарбан ҭыԥзаалак иахьнеиуа алҵшәа бзиа аадырԥшуеит ҳәа", - иҳәеит Нинуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0