Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа арахә рчымазараҟнытә ҿыц ироуз алаҵазы: даара аџьабаа адбаланы иааган

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Джопуа
Роман Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амаҵзура ҿыц иаиуз алаҵа арахә рзы ишхәарҭоу.
Џьопуа арахә рчымазараҟнытә ҿыц ироуз алаҵазы: даара аџьабаа адбалан иааган

"Иҳауз алаҵа Аԥсны арахә ирымоу ҩ-чымазарак иртәуп. Аҳәынҭқарратә программала ари ахәшә ааҳхәаӡом, иааҳхәо иаҳа злеишәа цәгьоу ачымазарақәа рзоуп аҟнытә, иара апрограмма иаҵанакуамызт. Акрааҵуеит аҳәара ҟаҳҵоижьҭеи Аԥсны аус зуа Еиду амилаҭқәа рхаҭарнакра иҟанаҵо ацхыраарала ари авакцина ҳзааргарц. Даара аџьабаа адбаланы иҳарҭеит ахәшә, ақырҭцәа иаармышьҭырц иалагеит. 15 нызқь доза ҳзааргеит, урҭ рахьынтә аа-нызқь инареиҳаны ишаны ираҳҭахьеит ҳара ҳҳақьымцәа. Авакцина иагхан иахьааз аҟнытә усҟак ахархәара аиуӡом, избанзар зырахә ашьхахь иказцахьоу анхацәа ыҟоуп, ашоура ӷәӷәа аан агәыргьы рылауҵар ҟалаӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0