Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арышԥҳа ашкол аушьҭымҭацәа ҩымчыбжьатәи рҵаразы: аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵароуп

© Foto / предоставлено Мананой АршбаМанана Аршба
Манана Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы Манана Арышԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы ихацыркыз аҵаратә процесс шымҩаԥысуа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Арышԥҳа аушьҭымҭацәа ҩымчыбжьатәи рҵара иазкны

Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵаратә процесс хацыркын рашәара 2 рзы, уи мҩаԥыслоит ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа. 1-10 аклассқәа рҵаҩцәа рҵараамҭа хыркәшахеит лаҵара 13 рзы акоронавирус иадҳәалоу аҭагылазаашьа иахҟьаны.

"Амза ҩба инаркны ажәеизатәи аклассқәа рҵаҩцәа иацырҵеит рҵара, аха уи иаанагом апрограмма зегьы ҩымчыбжьа ирҭагӡаны иалгоит ҳәа. Еиҳарак ари зызку ахәыҷқәа аԥышәарақәа разыҟаҵара ауп. Ашколқәа зегьы адезинфекциа рызун. Аԥҟарақәа инарықәыршәаны ашколқәа рҿаԥхьа еиҿкаауп амедпункт, ашоура шәаны ашколқәа рахь инарышьҭуеит, аклассқәа рҟны аӡәаӡәала итәоуп.
Сынтәа ашкол иалго араион аҟны 128-ҩык ыҟоуп, ақалақь аҟны 45-ҩык аушьҭымҭацәа ҳамоуп", - лҳәеит Арышԥҳа.

Лара иазгәалҭеит араионтә аолимпиада иалахәыз аушьҭымҭацәа рыбжьара алҵшәа бзиақәа змаз шыҟоу, урҭ иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалартә еиԥш алшара ҟалап ҳәа агәыӷра шлымоу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0