Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа жәлар рарҳәагақәа ирызку апроект ҿыц азы: цәырҵра бзиахоит

© Foto / предоставлено Эльвирой Арсалия Эльвира Арсалия
Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит жәлар рарҳәагақәа рҭоурых иазку авидеопроект ахәаԥшцәа ишрыдгалахо атәы.
Арсалиаԥҳа жәлар рарҳәагақәа ирызку апроект азы: акультурахь аинтерес ҿымцәаауа иҟанаҵоит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳаи Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рарҳәагақәа роркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухааи рашәара 3 рзы реиԥылараҟны иалацәажәеит акультуратә-ҵаралашаратә проект. Уи хшыҩҵак хадас иамоу амилаҭтә музыкатә ҭынха аиқәырхара ауп.

"Иахьа иҟоу акарантинтә ԥҟарақәа ачымазара бааԥс ишахҟьаз еилаҳкаауеит. Ари аҭагылазаашьаҟны излаҳалшо ала ауаа рацәа аламгалакәа имаҷу аформақәа рыла иҟоу апроектқәа мҩаԥаҳгоит. Аԥхьатәи амузеи аҟны авидеоекскурсиа иадҳәалан, уи ашьҭахь абиблиотекеи ҳареи акциа мҩаԥаагеит "Аклассика ҳаԥхьоит". Ҳазхәыцуеит ас еиԥш аформала аҟазаратә хеилакқәа иҟарҵаша, ахәаԥшыҩ аинтерес изцәырнагарц. Уажәы Денис Арухааи сареи ҳалацәажәеит авидеопроект рубрикак аҳасбала иҟаҳҵаша. Уи акультура аминистрра аинформациатә ресурсқәа рҟны, убасгьы ателехәаԥшра аҟны амилаҭҭә инструментқәа рҭоурых, аоркестр аҟны уи азырҳәо ҭыԥс иааннакыло, иадҳәалоу аҳҭысқәа еиҭаҳәахоит. Аҿар, убасгьы амилаҭҭә культурахь аинтерес змоу рзы ари апроект цәырҵра бзиахоит ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ахәынҭқарратә жәлар рарҳәагақәа роркестр еиҿкаан 2017 шықәсазы. Уи ихьӡ ахыуп Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0