Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит

© SputnikБеслан Джопуа
Беслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атәылаҟны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рҭагылазаашьа хәшьарас иаиҭо.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа аекологиа азҵараақәа ирызкны

Рашәара 4 рзы Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа имҩаԥигаз аилацәажәара иалахәын Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа, Аҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә карантинтә хылаԥшра амаҵзура аиҳабы Аркади Џьынџьиа, Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа, Ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу Аҵиаақәа рыхьчаразы амаҵзура аиҳабы Владимир Гьериа.

"Аиаша шәасҳәап, иахьазы ауаҩы дзыргәырӷьо маҷуп, иҟалап ҳара иаҳа ҳазеицәазар аԥсабара, иара еиуеиԥшым ахәаҷақәа, ачымазарақәа рыла иҳанаҭо аԥхасҭа аасҭа", - иҳәеит Џьапуа.

Аԥыза-министр актәи ахаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо еиуеиԥшым амаҵа хкқәа рҟынтә ахәшәтәрақәа рымҩаԥгаразы аиҵахарақәа шазгәаҭам. Аԥсыӡкра азҵаара далацәажәо, иара иҳәеит аалыҵ аус адызуло Аԥсны азауадқәа мацара уи рнапы алакызҭгьы, ԥаса ишыҟаз еиԥш, уи ахылаԥшра иаҳа имариахон ҳәа.

"Шаҟа аадрыхыз, азауад ахь шаҟа наргаз аԥсыӡ убоит. Егьырахь аквота аужьраан азауадқәа рнаҩс иаланагало рацәаҩуп ари аус. Ҭырқәтәылантәи иаауеит аӷбақәа аԥсыӡкразы. Урҭ қьырала икны, рхы иархәаны, азауад азы акәымкәа еиӷьу аԥсыӡқәа ркуашәа, ахылаԥшра рзыҟаҵара цәгьоуп. Аекологцәа есымша урҭ рааигәа изыҟалаӡом. Хықәкыс иҳамоуп аԥсыӡ акра шаҟа азин азоурыжьуа 30-40 нызқь ҭонна роума, дара иҟоу абыжь-зауадак рыбжьара ишазарц. Дара рыда аӡәгьы дҟамлар, ахылаԥшра иаҳа имариахоит, аԥсыӡгьы анҭыҵ ицо акәымкәа, абра иҟалоит. Ус еиԥш хықәкыла ҳаицәажәеит, иахьынӡалҵуа сыздыруам", - иҳәеит Џьапуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0