Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Акаба еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа ашьха ныҟәара ргаразы ихымԥадатәны идыртәу

© Foto / предоставлено Алиасом АкабаАлиас Акаба
Алиас Акаба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи алицеи-интернат ааӡаҩ Алиас Акаба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахәыҷқәа ныҟәара ргара зыгәҭаку рзы абжьгарақәа ҟаиҵеит.
Акаба еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа ашьха ныҟәара ргаразы ихымԥадатәны идыртәу

"Зегь раԥхьа ахәыҷқәа аныҟәара иугаанӡа аҳақьымцәа ирацәажәатәуп: ирԥырхагахома аҳаракыра, аҳауа. Иудыруазароуп уахынла ишыхьшәашәароу, ҽынла ишшоуроу, ирацәаны аныҟәара рылшо, ирылымшо. Абарҭ зегьы дырны игатәуп. Зынӡа асаби ашьхарахь игара шәарҭароуп. Актәи, аҩбатәи акласс аҿы итәоу аныҟәарахь ргара иаҳа еиӷьуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Иара иабжьоугогьы иаҳауеит, иибогьы иаҳа игәникылоит. Ахәыҷы есминуҭ уишьҭало уалагар, уи иара изгьы ԥсшьарам, уара узгьы ус. Аныҟәарахь ацаразы игылатәуп ашьыжь шаанӡа, аныҟәаҩцәа иахьырҭаху аҭыԥ аҿы ианнеилак, рыԥсы шьаны, акрыфаны, илашьцаанӡа аҭыԥ ахь игьежьыроуп. Мап анакәха, уахынла џьара хҭыск ианиар ауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Акаба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0