Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба атуризм аусхк азы: агәамҵра ҟамҵакәа ҳгәылара аҭагылазаашьа зеиԥшрахо ҳацклаԥшроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Ахба
Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны отелиерцәа ргильдиа ахантәаҩы Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит апандемиа аамҭазы ҳтәыла атуристтә сезон амҩаԥгара иахьынӡазыҟаҵоу, уи азы изықәныҟәатәу.
Хра злоу ахҭысқәа: Ахба атуристтә усхк иацу ауадаҩрақәа ирызкны

Апандемиа аамҭазы атуризм аҿиареи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши ирызкны Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны аиԥылара мҩаԥган. Уи иалахәын аҵарауаа, ачынуаа, аусдкылаҩцәа.

"Аиԥылараҟны ҳалацәажәон иабанӡазыҟаҵоу иахьа ҳҳәынҭқарра атуристцәа рыдкылара. Ахәышәтәырҭақәа рҟны зқьи хәышәҩык рҭыԥ ауп иахьа Аԥсны иҳамоу, амедицина аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара хә-нызқьҩык рҟынӡа ыҟоуп. Ҳажәлар иахьа иқәынхо рхыԥхьаӡара аагозар, ҳақьымк мамзаргьы медиаҳәшьак 50–ҩык рымаҵ руроуп. Убри аҟынтә иахьа аҳәаа аартра аганахала ауадаҩрақәа ыҟоуп… Краснодартәи атәылаҿацә аагозар, дара иахьазы идырҿио аҩнуҵҟатәи атуризм ауп. Аԥсны иқәынхо иахьа аҳауа цқьа ҳамоуп, амшын, амра ҳақәԥхо ҳаиҭанеиааиртә аҭагылазаашьа ыҟоуп. Урыстәыла инхо зегьы ус еиԥш аҭагылазаашьа рымам, убри аҟынтә дара рзы еиҿыркааит рҳәынҭқарра аҩнуҵҟа ас еиԥш аҭгылазаашьа… Ари азҵаараҟны ҳазыӡырҩыроуп ҳаиҳабыра иҟарҵо абжьгара, агәамҵра ҟамҵаӡакәа иҭаҳҵааап, ҳахәаԥшып ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа Краснодар, Шәача атуристцәа шрыдыркыло, урҭ рганахьала иҟоу ақәҵарақәа аус шыруа. Даҽа ҩымчыбжьа ацәыӡра ҳцәыуадаҩуп, аха ҳтәылаҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәа еидтәаланы ирыдыркыло ақәҵарақәа рыла аус ҳуртә иҟалап ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Ахба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0