Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: алхыҩ иазыҟаҵара хьысҳауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит алхыҩ изы иахьынӡахәарҭоу адепутатрахь акандидатцәа телехәаԥшрала рықәгылара.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҿы: Кындыӷтәи, Гәдоуҭатәи, Бзыԥтәи, Оҭҳаратәи.

Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп: Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба; Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи; Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала – Ҭамаз Леибеи, Ҭемыр Беиеи; Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци.

Алхратә комиссиа хада имҩаԥнагаз аҵәҭаԥсарала адепутатрахь акандидатцәа Аԥсуа телехәаԥшраҟны аефиртә аамҭа рызшоуп. Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада №10 ала адепутатрахь акандидатцәа Ҭамаз Леибеи, Ҭемыр Беиеи аефир аҟны иҟалоит уаха, ԥхынгәы 6 рзы.

 

Кәарҷиа ателедебатқәа рзы: заанаҵы ибжьы зиҭо здыруа алхыҩ изы иҵакыдоуп

"Ауаҩы уала-ҭахыла, мамзаргьы аиҳабыра идгылоума, ицхраауама, ҳара даҳтәума, егьырҭ дыртәума ҳәа ихәыцны далзхуа изы егьа теледебат ҟауҵаргьы, иара изы зегь дара роуп. Уи ателехәаԥшраҟны иибо спектакльк еиԥш дазыӡырҩуеит, аха игәы иҭеикыз, изиҭараны дыҟоу ибжьы ииҭоит. Ибжьы зиҭо ззымдыруа аӡәыр дыҟазар, Апарламент ахь днеир абри ихаҿсахьа зеиԥшрахои ҳәа ихәыцуа ауаҩы изы ибзиоуп, ихадоуп телехәаԥшрала иибо, аха иҟоуп ауаҩы иаразнакгьы иеилкаара анымариам. Убри аганахьала сгәаанагарала Алхратә комиссиа хада ахымҩаԥгашьа хәыҷык ихьысҳауп ҳәа ажәлар разыҟаҵаразы. Дара ирҳәароуп алхрақәа шус хадоу, абжьыҭара уала-ҭахыла акәымкәа ишазнеитәу ауаа азыҟаҵалатәуп есымша. Ауаа иахьа хәыҷык иҟьалашәа иҟоуп, рыбжьы зырҭара дрыздыруам, џьоукы-џьоук хьаасгьы ирымам, "иаҳнаҭеи Апарламент" зҳәогьы ыҟоуп. Абжьыҭарахь имнеиз ауаа рхыԥхьаӡара анырацәахалак, уи иаанагоит урҭ разыҟаҵара зыхәҭаз ауаа ажәлар рҟынӡа ишахәҭаз ирызнамгаӡеит ҳәа", - азгәеиҭеит Кәарҷиа.

 

Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭацәыз адепутаттә ҭыԥқәа рахь ԥхынгәы 12 рзы алхрақәа рымҩаԥгара ҿҳәарас ишьақәнаргылеит.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп - уаанӡа депутатцәас иҟаз атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0