Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дамениа аҵарауаҩ Владимир Агрба изы: ԥсабарала дҵаулан, дуаҩы ԥшӡан

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Дамения
Олег Дамения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩ нага, аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Агрба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит уи ибзианы дыздыруаз афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Олег Дамениа.

Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алитератураҭҵааҩы, жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Владимир Агрба диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵит. Владимир Бабахь-иԥа иҭҵаарадырратә ус инаваргыланы, аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара еснагь агәҭа дгылан, ижәлар рзинқәа дырзықәԥон, гәыҵхас иман.

 

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Дамениа аҵарауаҩ Владимир Агрба изкны

"Вова Агрба иҩнуҵҟатә дунеи, иҟазшьа ахцәажәара ганкахьала имариоуп, аха даҽа ганкахьала иуадаҩуп, избанзар адәахьала убас ихы ааирԥшуан, даараӡа алаф иҳәон, аԥсҭазаара далахәмаруашәа, иатәеимбошәа ихы ааирԥшуан. Ганкахьала уи ҳаҭыр ақәҵатәуп, избанзар ауаҩытәыҩса иԥсҭазаарагьы иҟәнушьаша, иԥхоушьаша ацәгьақәа алоуп. Владимир Агрба аԥсҭазаараҟны иҟаз ус еиԥш ауадаҩрақәа рыӡбахә рацәак иҳәомызт, ихы рцәихьчозма уҳәо, убас насҭха дгыланы аԥсҭазаара дахәыԥшуан. Ҳәарас иаҭахузеи, иара ԥсабарала даара иҵаулаз, иманшәалаз адырра иман. Ашәҟәқәа рҟынтәи уиаҟара ааимгеит, теориа дук аԥысҵоит ҳәа иҽазимкит, аха абри аԥсуара аҟазшьа ибзиаӡаны еиликаауан, идыруан, иагьымҩаԥигон. Иара даныҷкәыназгьы, иқәрахь даннеигьы уаҩы ԥшӡан, аҽеилаҳәарагьы бзиа ибон. Иара аԥсҭазаараҟны ҳгәы зырҿыхоз, ҳгәы алаҟаны иҟазҵоз дыруаӡәкын, раԥхьа дгылан", - иҳәеит Дамениа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0