Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәԥҳа аибашьра иалахәыз аҳәса рассоциациазы: ҳаҟазар ҳҭахуп

© SputnikНадежда Ашуба
Надежда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз зылшарақәа ԥку аҳәса рассоциациа аизараҿы иалацәажәон аиҿкаара анаҩс аҟазаара ахьынӡахәҭоу. Ассоциациа алахәыла Леон иорден занашьоу Надежда Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит аҳәса хаз игоу ассоциациа рымазароуп ҳәа зылԥхьаӡо атәы.

Ашәԥҳа аибашьра иалахәыз аҳәса рассоциациазы: ҳаҟазар ҳҭахуп

"Аашықәса раԥхьа аҳәса ҳхеилак хазшәа еиҿкаахеит. Ҳаиҿкаара иалоу аибашьцәа агәыԥқәа ирыцыз, аибашьра ацәаҳәаҿы иҟаз аҳәса ҳауп. Асиаҿы иануп 100-ҩык, иаҳа-иаҳа иагхоит асиа, избанзар зыдунеи зыԥсахыз ыҟоуп. Аҟәа иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рассоциациа иалоуп 1000-ҩык инареиҳаны, ҳара ҳассоциациаҿы акы згу идагьы, зегь чмазаҩцәоуп, ирацәаҩуп хәышәтәышьа змам ачымазарақәа зыхьыз аӡӷабцәа. Ирацәаҩуп ацхыраара зҭаху. Аҳәса еибырҳәо ахаҵа иҿы иузҳәаӡом, даара уеизааигәазаргьы, шәыгәра еибагозаргьы иҟоуп азҵаарақәа злацәажәара уацәыԥхашьо. Убри ауп аханатәгьы ҳара ҳаиҿкаара зыҟалаз. Зны-зныла аӡәы сааиацәажәандаз ҳәа анугәахәуа аамҭагьы ҟалоит, ассоциациаҿы ҳанеилак убыс еиԥш аҭагылзаашьа ҳамоуп, убри ауп ҳаидкыланаы ҳазмоугьы. Ҳара ҳаҟазар ҳҭахуп, уаашәҩык рызҵаара зықьҩык ахьыҟоу иалаӡҩа ицоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0