Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариаԥҳа анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иазкны: аспортсменцәа гәыкны иҟан

© Sputnik / Томас ТхайцукЖанна Зантария
Жанна Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспорттә ҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит атәылаҿы имҩаԥысуа анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат атәы.
Занҭариаԥҳа анапылампыл азы Аԥсын ачемпионат азы: аспортсменцәа гәыкны иҟан

"Ачемпионат ҳалагеит 1994 шықәсазы, иаразнак аибашьра ашьҭахь. Ҳаицлабрақәа зегь рахьынтә анапылампыл алоуп ҳшалагаз. Усҟан Гьачрыԥшь имҩаԥаагон, Аҟәа ҳзалқәа усҟак еиҿкаамызт. Иахьатәи ҳаицлабрақәа рҿеиԥш аа-командак алахәын. Усҟан Очамчыратәи акоманда дахагылеит араион ахада Баҭал Тапаӷәуа, иахьа иара анапылампыл азы афедерациа дахагылоуп", - илгәалалыршәеит аицлабрақәа рҭоурых Занҭариаԥҳа.

Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспортә ҟәша аиҳабы илҳәеит атәыла араиионқәа рҟнытә акомандақәа зегьы алахәхартә еиԥш алшара шрымамыз.

"Ҳгәы каҳан ҳаҟан, шықәсыбжак аахыс аицлабрақәа мҩаԥаагомызт, раԥхьатәи хацҳаркит анапылампыл ала. Аҟәа ақалақь иқәдыргылеит х-командак, убысҟак иазыԥшын аицлабрақәа рхацыркра, Гәдоуҭа араион аҟнытә иалахәуп ҩ-командак, убас ааба еизеит. Сгәы иалоуп Тҟәарчалаа ахьзымааз, иахьырзеиҿымкааз аицлабра рхы аладырхәыртә еиԥш. Ҳара ҳхы иадаҳҵоит ахраҿақәеи аҳамҭақәеи раахәара, аицлабрақәа раан даҭахуп аҳақьым, уигьы аԥара лызшәатәуп. Акомандақәа раашьҭра рхахьы иргоит араион ахадара, рымҩақьыра рыкрыфара уҳәа рзы аԥара рзоужьтәуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Занҭариаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0