Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жьиԥҳа ажәытә аԥсуа ҩнқәа рзы: баша хыбрам, унацәа рықәукыр ацәажәара иалагоит

© Sputnik / Константин ГрецовСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Саида Жьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит 100 шықәса ирҭысхьоу ажәытә аԥсуа ҩнқәа ирызку апроект ҿыц аус адулара дшаҿу.

 

Жьиԥҳа ажәытә аԥсуа ҩнқәа рзы: баша хыбрам, унацәа рықәукыр, ацәажәара иалагоит

"Шәышықәса зхыҵуа, уи ирҭысхьоу, ҳаамҭазы еиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуа ҩнқәа рсахьақәа ҭыхны альбом ҳасабала аиқәыршәара сашьҭоуп. Апроект хьӡыс иасҭеит «Ицәажәо аҭыӡқәа». Иахьазы ҩажәижәабаҟа гәараҭа рҟны снеихьеит ажәытә кәасқьақәа ахьгылоу, урҭ зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк рыдҳәалоуп, ус баша хыбраны, анкьа ауаа нхон ауп ззуҳәо ргылараӡам, унацәы нақәукыр ацәажәара иалагоит. Альбом аҟны афотосахьақәа рыдагьы исҭахуп аҩны шаҟа ахыҵуа, шаҟа еихагыла, уада амоу, излыху зегьы еиқәысыԥхьаӡарц, убасгьы исҭахуп аҩнқәа рыԥшәмацәа ирыдҳәалоу ҭоурыхқәакгьы нацысҵарц", - лҳәеит Жьиԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0