Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра араион иахьатәи абзазашьа иазкны

© Foto / предоставлено Алхасом БарцыцАлхас Барцыц
Алхас Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥстазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит иаалырҟьаны араион ауааԥсыра реизараҟны излацәажәаз, аилибакаара залыршахо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра араион иахьатәи абзазашьа иазкны

"Ачымазара COVID-19 иахҟьаны акырӡа иуадаҩу аҭагылазаашьа ҳамоуп иахьа. Ишдыру еиԥш, Гагра имҩаԥысит араион ауааԥсыра реизара. Уаҟа ишьҭыхын ауаа ргәы дзырхьуа азҵаарақәа аҳәаа аартра иазку. Хымԥада, зегьы еилаҳкаауазароуп Гагра араион атуризм ишадҳәалоу. Аизара зхы алазырхәыз рҟынтәи ирацәаҩын асасааирҭақәа змоу, зхатәы ҩнқәа аԥсшьаҩцәа рыдкылара иазку. Зҵаарас ирымаз аҳәаа анаадыртуа, имаатыр ԥсыхәас ирымоу", - иҳәеит Барцыц.

Иара иазгәеиҭеит зматериалтә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩу рсиақәа шрымоу араион анапхгараҟны, излауала урҭ ацхыраара шрырҭо, аус шрыдыруло.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0