Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араион аҿы зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәа ртәы

© Foto / предоставила Мадина АжибаМадина Ажиба
Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа араион аҟны иныҟәараан излацәажәаз азҵаарақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ажьиԥҳа Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҭагылазаашьа атәы

"Ҿыц иргылоу Гагратәи актәи ашкол ҳаҭаан игәаҳҭеит, уи ашәқәа раартразы иагу ыҟоуп, аха ари аамҭа иалагӡаны аусқәа хыркәшахоит. Иара убас иаҭаан ахәыҷбаҳча, иара акапиталтә ремонт азун, аха ашҭаҿы иагу ыҟоуп, уи анагӡаразы адгылара шауа атәы ҳәан. Иааиуа амчыбжь азы ахәыҷқәа рыдкылара ҳалагоит, иахьа уажәраанӡа араион аҿы ахәыҷбаҳчақәа еиуеиԥышм амзызқәа ирхырҟьаны аус руӡом. Арыцхә 20 рзы ахәыҷбаҳчақәа раартразы аҭагылазаашьа ҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит. Хшыҩзышьҭра ааҭан иаԥсыуам ашколқәа рҿы аԥсуа бызшәа дырҵаразы аметодика", - ҳәа еиҭалҳәеит Ажьиԥҳа.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы еиҭалҳәеит араион аҿы зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәагьы шыҟоу.

"Урҭ руак - Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ ауп, уаҟа 350 инареиҳаны аҵаҩцәа аҵара рҵоит. Аӡымҩангагақәа зынӡагьы инагаӡам, уажәы аҿкы аан ишьақәыргылоу аԥҟарақәа рықәныҟәара даара иуадаҩуп, араион ахадара ҳақәдыргәыӷит ари азҵаара аӡбара адгылара шаиуа ҳәа. Ашкол аартразы иахьӡом, аха мызкы-ҩымз иалагӡаны аусурақәа нагӡахап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Иара убас аҭагылазаашьа уадаҩуп Пицундатәи аурыс школ аҿы, уаҟа аҵара рҵоит 400-ҩык, ашкол ҩ-сменак рыла аус ауан. Аҿкы аҽацәахьчаразы аԥҟарақәа инарықәыршәаны ҩ-сменак зынӡа иаҟәыхтәуп, ари азҵаарагьы ӡбашьак аиуп ҳәа ҳгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ажьиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0