Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Царгәыш еиҭеиҳәеит Аҷандаратәи анапылампыл феноменс иамоу

© Foto / предоставлено Зурабом МаргияАстамур Царгуш
Астамур Царгуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҷандара ақыҭа ахада Асҭамыр Царгәыш арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵеицәа ргәалашәара иазку анапылампыл азы атурнир амҩасшьеи, уи еиднакылаз акомандақәеи ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Царгәыш Аҷандаратәи аволеибол иазкны

"Ари атурнир мҩаԥаагоижьҭеи инеиԥынкылан 28 шықәса ҵуеит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭаз иалахәыз акомандақәеи уажәы ҳахәаԥшуазар, атурнир акырӡа аҽарҭбааит. Уажәтәи иалахәын аа-командак. Ахәмарра мҩаԥысит ибзианы лҵшәа бзиала, ҳаракырала. Ари зызку изызҳауа аҿар ҳаибашьцәа ргәалашәара, рхаҿы иаанхарцаз, апатриотизм рылааҳаӡоит ҳәа ҳаҿуп. Иџьашьахуп, атурнир ахәыԥшразы егьырҭ ақыҭақәа рҟнытә иахьаауагьы, Абгархықә, Аацы, Дәрыԥшь, Лыхны уҳәа. Аҷандаратәи анапылампыл афеномин атәы уҳәозар, ԥсабаратәла аҷкәынцәа абаҩхатәра рымоуп, ҳәарада, аха ари абзиабара раԥхьа иахьышьҭыркааз, ажәытәан, - анапылампыл иасуаз аветеранцәа ирыбзоуроуп", - еиҭеиҳәеит Царгәыш.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0