Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Уанаҿа Аруаа жәларбжьаратәи рыхәмаррақәа рҿы аԥснытәи акомандазы: "аҽеиқәа" ҳәа иҳашьҭоуп

© Foto / предоставлено Алиасом ВаначаАлиас Ванача
Алиас Ванача - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 23 рзы Урыстәыла ихацыркхоит аруаа жәларбжьаратәи рыхәмаррақәа, урҭ раԥхьаӡа акәны иалахәуп аԥснытәи акоманда. Уи аиҳабы амаиор Алиас Уанаҿа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит урҭ рыҽшазыҟарҵо атәы.
Уанаҿа Аруаа жәларбжьаратәи рыхәмаррақәа рҿы аԥснытәи акомандазы: "аҽеиқәа" ҳәа иҳашьҭоуп

"Ҳара ахәмаррақәа рҿы хә-хкык рыла ҳақәгылоит. Агәыԥқәа зегьы уажәы Москва ҳаҟоуп, нас доусы дара рыхәмаррақәа ахьыҟоу аҭыԥ ахь ицоит. Аҽазыҟаҵарақәа рзы аамҭа маҷны иҳаман, ҳара аиааира ҳашьҭам, иаҳҭахуп ҳтәыла аӡбахә раҳарц. Аҳәынҭкаррақәа жәпакы ахьалахәу ахәмарраҿы ҳара "аҽеиқәа" ҳәа иҳашьҭоуп, иҳацәшәозаргьы ҟалап. Уажәы атанктә биатлон аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. Атанкқәа ара иҳарҭоит, ҳаҷкәынцәа уи атехника бзиан ирдыруеит. Ахәмаррақәа телехәаԥшралагьы иубар ҟалоит ишиашоу ицо аефир ала ателеканал "Звезда" аҿы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Уанаҿа.

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа, Москватәи аобласт, ацәыргақәҵатә центр "Патриот" аҿы. Ахәмаррақәа ирылахәхоит 250 команда.

Хәышықәса рыҩнуҵҟала ахәмаррақәа рыҽрыладырхәит 40 тәыла рҟынтәи 20 000-ҩык аррамаҵзурауаа. Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра арратә хәмаррақәа рахь иаанаԥхьеит 90 тәыла, НАТО иалоу атәылақәагьы налаҵан.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0