Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҟны аҿар рзы еиҿкаахо ауснагӡатәқәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿари аспорти русқәа рзы аилак аиҳабы Аслан Какалиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит аҿар раамҭа бзианы ирхыргарц азы иазгәарҭо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какалиа Гәылрыԥшь аҿар афильмқәа дырбара атәы

"Иахьатәи аамҭазы адунеи зегьы аҟны аҭагылазаашьа уадаҩуп (апандемиа иахҟьаны - аред.), ҳгәы иҭақәаз аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара ҳцәыуадаҩуп ҟәрышьла ҳахьеиқәшәам аҟынтә. Егьы,с иҳалшо иахьазы анапылампыл азы аицлабра мҩаԥаҳгап ҳәа ауп амза аҩныҵаҟа. Агәыӡера аԥхынтәи акинотеатр еиҿкааны ахәылбыҽха ҳҿар акинофильмқәа дырбара ҳгәы иҭоуп, ҽынла ахәыҷқәа амультфильмқәа рзаҿаҳкларц ауп амшын аааигәа иҟоу апарк аҟны. Ҵыԥхи ҵыԥхцәеи адунеи аҟны имҩаԥысуаз ашьапылымпыл азы ахәмаррақәа дҳарбон. Сынтәа афильмқәа рахь ҳаиасуеит, аҿар иахьынӡаргәаԥхо гәаҳҭар ҳтахуп. Апроектор аӡынгьы ҳхы иаҳархәарц ауп. Агәыӡера иҳамоу аклуб аҟны", - иҳәеит Какалиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0