Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба аицлабра "Атанктә биатлон" азы: атехника ҳашьцыларцаз аамҭа ҳҭаххеит

© Foto / предоставил Мсурат АшубаМсурат Ашуба
Мсурат Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу арратә еицлабара Аԥсны ахьӡала иалахәу акәылӡтәы техникатә команда азыҟаҵаҩ, акапитан Мсураҭ Ашәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Атанктә биатлон" рыҽшазыҟарҵо атәы.
Ашәба аицлабра "Атанктә биатлон" азы: атехника ҳашьцыларцаз аамҭа ҳҭаххеит

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа, Москватәи аобласт, ацәыргақәҵатә центр "Патриот" аҿы. Ахәмаррақәа ирылахәхоит 250 команда.

"Ҳаҷкәынцәа атанк зеиԥшраз рбеит, иалахысуан. Аицлабра рхы аладырхәыртә еиԥш уаҳа наҭахымкәа иҟоуп. Ари атехника ҳара ҳзы иҿыцуп азы аамҭа ҳҭахын ҳашьцыларцаз. Ари аҩыза аицлабараҿы ахалархәразы аԥышәа маҷны иҳамоуп азы алҵшәа бзиа ҳазыԥшым, аха иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аԥхьа ҳанааи акарантин ҳахысит, нас ҳгәабзиара ашьақәыргыларазы атестқәа ҳархысит, ҳгәы шыбзиоу аҭакқәа анҳау, нас азин ҳауит аҽазыҟаҵаразы. Ара зегьы аԥҟарақәа ҳрыцныҟәоит, зегьы асабрадақәеи анапхазқәеи ҳхоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0