Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Тәанба еиҭеиҳәеит Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аргыларазы аԥаразоужьра зацҵоу

© Foto / предоставлено Русланом ТванбаРуслан Тванба
Руслан Тванба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич Аинвестпрограмма аобиектқәа рахь иаҵанакуа Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа даҭааит. Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аобиект аргыларазы еиҭа аԥара заҭаху.
Тәанба еиҭеиҳәеит избан Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа аргыларазы аԥаразоужьра зацҵоу

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтщырҭа хада аргылара аԥаразоужьра иацҵахоит, ари азҵаара ӡбоуп лҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Тҟәарчал араиони Аҟәеи рҿы Аинвестпрограмма аобиектқәа ргәаҭараан.

"Апроект асмета еиқәзыршәоз урыстәылаа ракәын, уаҟа иарбамыз ыҟоуп, ирцәагхеит. Адҵа ҳауит иагу иабзоу зегьы аагәаҭаны апроект еиҭа еиқәҳаршәарцаз. Уаҟа иазгәаҭоуп ҿыц аргыларақәа: аԥсцәа рышьҭаҵарҭа, ацхыраара лас астанциа, акрыфарҭа, амашьынақәа рыргыларҭа уҳәа. Џьаргьы иарбамызт аанда, амардуанқәа рымаакыра уҳәа апроект иагыз ыҟан. Апроект анеиқәҳаршәа ашьҭахь, иара (ред. - Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич) дааны игәаиҭеит, иҳарбеит иазымхоз зегьы, дақәшаҳаҭхеит, насгьы ажәа сымихит, абри зегьы аԥара ныҟала аамҭаз, ашықәс анҵәамҭаз ишыҟаҵахо. Апроект ҿыц асмета 37 миллион мааҭ ыҟоуп, ахәышәтәырҭаҿы аусурақәа зегьы рхыркәшаразы иаадкыланы 55 миллион мааҭ аҭахуп", - ҳәа азгәеиҭеит Тәанба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0