Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҟны аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Габлия
Дмитрий Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҭагылазаашьа зеиԥшроу аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара иазкны

"Аҵарашықәс ҳазхиоуп ҳҳәар ҟалоит ас еиԥш адҵақәа (асанитартә-епидимиологиатә маҵзура аԥҟарақәа апандемиа аамҭазы –аред.) зыҟалоз заанҵагьы иаадыруан. Имҩаԥаҳгеит аилатәарақәа, ашкол анапхгаҩцәа ҳаарыԥхьаны. Школцыԥхьаӡа ҳрылсны досу ирылшо-ирылымшо еилаҳкааит, ачымазара аҽацәыхьчаразы иҳадыргало алагалақәа анагӡара ҳазыхиоуп. Ҩ-школк ҳамоуп ԥшьышәҩык инареиҳаны аҵаҩцәа ахьҭоу, урҭ ирзыҳаӡбеит аиҵбыратәи аклассқәа асааҭ жәба инаркны аурокқәа ирылагаларц, асааҭ жәаҩа инаркны 5-11 аклаасқәа рҟны итәоу аурокқәа ирылаго ҳәа.

На уроке - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит

Асанитартә епидемиологиатә станциа ишаҳәаз еиԥш, аиҵбыратәи аиҳабыратәи аклаcсқәа рҟны итәоу ахәыҷқәа еиҟәаҳшарц азыҳаӡбеит, уи макьана гәаҭарак аҳасабла ус мызкы ҳусура шьақәҳаргылоит, анаҩс иаҳзыманшәалахар иаанҳажьуеит, аҿкы чымазара ԥырхага ҳнамҭо ҳҟалаанӡа. Ахәыҷбаҳчақәа иахьатәи амш азы аус зуа ҩба ҳамоуп. Цәыббра алагамҭазы ҳгәы иҭоуп ахԥатәигьы аартра. Аусура алагаразы иақәнагоу асанитартә ԥҟарақәа зегьы ҳрықәныҟәоит, асабрадақәа, асанитаизерқәа, адашьмақәа ррыцқьаразы иаҭаху ахәшәқәа уҳәа зегьы аусура алагаразы еиқәыршәаны иҳамоуп", - иҳәеит Габлиа.

Иара иазгәеиҭеит сынтәа ахыҷбаҳчақәа рахь ицо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шырацәоу.

"Аҭыԥқәа ахәыҷбаҳчақәа рҟны иҳацәмаҷуп аҟнытә, досу раионс иахьаҵанакуа, еиҳау алшарақәа ахьыҟоу азгәаҭаны иаҳшеит. Иҳадыргало арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, уи азы иаԥҵан акомиссиа. Ахәыҷқәа анҳадаҳкыло аԥхьа иргыланы асоциаkтә ҭагылазаашьа ҳахәаԥшуеит, ахәыҷы рацәа ахьыҟоу, ихарҭәаам аҭаацәа ахьыҟоу, маха-шьахала зылшара ԥку (аинвалид) ихылҵыз ахәыҷы, аибашьра иалахәыз рхәыҷқәа. Ԥҟараны иҳамоуп иҳадаҳкыло ахәыҷқәа ҳраион иаҵанакуазароуп ҳәа, избанзар аҭыԥқәа изҭаху зегьы ираҳҭарц еиԥш алшара ҳамаӡам", - иҳәеит Габлиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0