Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыблиа еиҭеиҳәеит Аԥснытәи еизгоу акоманда аҽазыҟаҵарақәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Гублия
Беслан Гублия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада ҿыц Беслан Гәыблиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы акоманда зҿу, насгьы иарбан хәмаррақәоу раԥхьа ишьҭоу.
Гәыблиа еиҭеиҳәеит Аԥснытәи еизгоу акоманда аҽазыҟаҵарақәа ртәы

"Цәыббрамза 11 рзы Аҟәа ДНР-тәи акоманда ҳацасран ҳаҟоуп. Уажәы аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп. Дара ркоманда цәгьала иӷәӷәоуп, ҩынтә ҳрыцасхьеит. Ҳкомандаҟны иагхаз ыҟоуп, Урыстәыла иасуа уажә арахь изааӡом. Ара иҟоу рахьынтә аӡәык-ҩыџьак роуп аветеранцәа, егьырҭ зегьы аҿар аҳарсыр ҳҭахуп, ишыҟоу еилаҳкаарцаз. Уажәы планс иҳамоу абри аиҩызаратә хәмарроуп. Акоманда азыҟарҵоит Баграт Ахба, еиҭа даараны дыҟоуп Алмасхан Џьениа. Акоманда аҩныҵҟа аҭагылазаашьа маншәалоуп. Онлаинла ахәмарыҩцәа зегьы аҽазыҟаҵарақәа еибаҳарбеит, цәаббрамза 5 рзеиԥш ахәмарыҩцәа зегьы еидкылахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәыблиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0