Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәҭелиа: аҵарашықәс иаарласны иаанкылахоит ҳәа иҟоу ацәажәара - ҵаҵӷәыдоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кутелия
Аслан Кутелия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит цәыббрамза 20 инаркны ашколқәа рҿы аҵарашықәс аанкылахоит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа- шҵаҵӷәыдоу.
Қәҭелиа: аҵара процесс иаарласны иаанкылахоит ҳәа иҟоу ацәажәара - ҵаҵӷәыдоуп

Цәыббра 1 азы Аԥсны иҟоу 153 абжьаратә азеиԥшҵараиуратә школ рахьтә 152 аатит, аҟәатәи абжьаратә школ №6 акарантин аҿы иҟазаауеит цәыббра 7 рҟынӡа.

"Уи уҳәанс-ҳәануп, иахьатәи аамҭаз аҵара процесс аанкылахоит ҳәа аинформациа иҟаӡам. Цәыббрамза аказы ашколқәа зегьы ааҳартит, аҵарашықәс хҳаркәшоит ҳәа ҳгәыӷуеит лаҵарамзазы. Макьана иҟоуп азҵаарақәа арзҩыдаратә маҭәарқәа рзы. Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоуп ус еиԥш азҵаара, уи ахаҵгылара шаиуа атәы рҳәахьеит. Иара убас, амедицинатә маҭәахәқәа раахәаразы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рахь аҳәара ҟаҳҵарац ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.

Нанҳәа 17 рзы Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик атәыла аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ҟалҵеит.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0