Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Берзениа еиҭеиҳәеит Ӷәымрышь ақыҭауаа рыԥсҭазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Берзения
Беслан Берзения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Ӷәымрышь ақыҭа ахада Беслан Берзениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭа аԥсҭазаашьа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Берзениа Ӷәымрышь ақыҭа аԥсҭазаашьа

"Иахьазы ақыҭаҿы 130 ҭӡы ыҟоуп, уажәаԥхьа еиҳангьы инхон, аха иқәҵны ицахьо рацәоуп. Анхацәа аарыхра рнапы алакуп, урҭ рџьабаагьы цәгьоуп. Амармалташьтә пты рҽаҩра ԥырхага анаҭоит, уи азы ахәшәгьы рзаҳшахьеит. Ара инхо анхацәа араса ада уаҳа рхы зланыҟәырго рымаӡам, убри ҭиины ауп аагарҭак злароуа. Ақыҭа ауааԥсыра еиҳараҩык аԥсуа тәылауаҩшәҟәы рымаӡам, ирымоу анхаразы азин ауп. Ашәахтәқәа рҟнытә алашаре адгьыли рыхә рылхра аус ҷыдала саӡҿлымҳауп, аха анхацәа аԥара ахьрымам аҟнытә уалқәакгьы зқәу ыҟоуп. Амҩақәа рҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, аамҭала иахьҳариашаз ыҟоуп, аха еиҭа иацхраатәуп, макьаназы, уи азы аҭагылазаашьа ыҟам. Афымцатә цәаҳәақәа бааны иҟоуп, уалакьысыр, иԥыҵәҵәаны ицоит", -еиҭеиҳәеит Берзениа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0