Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҳашба ашәҟәы "Артиом Амқәаб иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи" азы: ажурналист ду иажәа аанхарцаз

© SputnikВладимир Ахашба
Владимир Ахашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еицырдыруа ажурналист Артиом Амқәаб диижьҭеи 110 шықәса ахыҵра инамаданы ажурналист Владимир Аҳашба авторс дызмоу ашәҟы "Артиом Амқәаб иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи" акьыԥхь абеит. Уи шыҟалаз атәы Владимир Аҳашба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.

 

Аҳашба ашәҟәы "Артиом Амқәаб иԥсҭазаареи ирҿиамҭақәеи" азы: ажурналист ду иажәа аанхарцаз

"Сара акыр шықәса Артиом Аџыр-иԥа инапаҵаҟа аус зуан. Арҿиара аус, ажурналистикаҿы кыр сылшазар, исылшыртә еиԥш амҩа сықәызҵаз дреиуоуп иара. Иахьа имаҷхеит иара дызгәалашәо. Журналистк иаҳасабала алитература иазааԥсоз иаҳасабала, дыздыруаз маҷҩуп, иҩымҭақәа ирыԥхьахьо зынӡагьы имаҷуп. Абри зегьы сыриашарцаз ашәҟәы аиқәыршәара салагеит. Избеит уи шыуадаҩхоз. Аматериал еизгатәын ихьӡ зҳәоз, урҭ зегьы апериодикатә кьыԥхь аҿы еиԥсаҟьан. Зегь реиҳа еицәахаз узхыԥшылоз "абра иануп", "абра иҟоуп" ҳәа акгьы ыҟамызт. Даара ацхыраара сылҭеит Д. Гәлиа имузеи аҿы аус зуаз Нателла Џьичоева, алитература бзиаӡаны издыруаз. Сгәы иҭоу анласҳәа, иаалгеит апапка "Артиом Амқәаб" ҳәа ахьаныз. Аматериалқәа реизгараҿы амҩа сықәызҵыз убри апапкаҿы еизгаз ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳашба.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0