Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба приморсктәи аӡырԥхақәа русура иазкны

© Foto / предоставлено Русланом АвидзбаРуслан Авидзба
Руслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс аиҳабы Руслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атуристтә обиект аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аҿкы рыҽшацәырыхьчо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба приморсктәи аӡырԥхақәа русура иазкны

"Нанҳәамзазы аҭааҩцәа маҷын, егьи ашықәса иаҿурԥшуазар ҿаҵак раҟароуп иааз, цәыббрамзазы аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхеит. Сгәы иаанагоит уажәы традициала ҭагалан аԥсшьаҩцәа аап ҳәа. Арахь иааиуа еиҳарак ибжьаратәу ақәра змоу роуп, дара раамҭа бжьарыжьӡом, ргәабзиара иацклаԥшуеит, уи шьақәдыргыларц иашьҭоуп. Аӡырԥхақәа рҿы апандемиа аамҭаз аԥҟарақәа ралагара аламыршахеит, метрак-метрак рыбжьаҵаны ҳәа ҳа ҳҿы иаҳзеиҿымкааит. Аӡы иахьҭало аҭыԥ ус иҭбааны иҟам, иаҳҭаххаргьы иаҳзыҟаҵомызт. Аусзуҩцәа ракәзар, рхы рыхьчоит, иаҭаху зегьы ныҟәыргоит. Иара аӡгьы ахимиатә маҭәашьарқәа иалоу ала аҿкы џьара ииасып ҳәа сгәы иаанагом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0