Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа ақыҭанхамҩа иаԥырхагоу ахәаҷақәа рҟынтәи ахәшәтәрақәа рзы: алҵшәа ҽеихом узҳәом

© Foto / предоставлено: Астамуром ДжопуаАстамур Джопуа
Астамур Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьопуа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо ахәаҷақәа рҟынтәи ахәшәтәрақәа шымҩаԥысуа араион аҟны.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуа Гәылрыԥшь аџьықәреи аҽаҩра аиқәырхаразы ахәшәтәрақәа ртәы

"Араион аҟны сынтәа 700 гектар инарзынаԥшуа адгьылқәа цәаӷәоуп. Урҭ рахьынтә 600 гектар рҟынӡа аџьықәреи лаҵан. Иахьазы, аҽаҩра аԥхасҭа азҭо ахәаҷамаҷа ахкқәа ҩба-хԥа рҟынӡа ыҟоуп. Ақыҭанхамҩа аминистрра ацхыраарала ахәшәтәрақәа еиҿкаауп, 550 литра рҟынӡа ахәшә ҳраион иазоужьуп, уи зегьы иазхаӡом, убри аҟынтә араион ахадарагьы ацхыраара ҟанаҵоит", - иҳәеит Џьопуа.

Џьапуа агәыӷра ааирԥшит, сынтәа имҩаԥгаз ацитрус шәырқәа рыхәшәтәрақәа ирыбзоураны аҽаҩра бзиахап ҳәа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0