Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьба: аԥҭекақәак рҿы хәшәқәак ыҟамзаргьы, иҟоуп урҭ зыԥсахуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Аджба
Ахра Аджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаҵанакуа ахәшәқәеи, ахәшәтә маҭәашьарқәеи, амыргугақәеи рыла аиқәыршәаразы аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан хәшәқәак рзы аԥҭекақәа рҿы аиҵахара зыҟоу.
Аџьба: аԥҭекақәак рҿы хәшәқәак ыҟамзаргьы, иҟоуп урҭ зыԥсахуа

"Ауаҩы ачымазара раԥхьатәи асимптомқәа аниоулак, апрофилактика аганахьалеи ахьҭалалара аганахьалеи ирыдыркылоит Арбидол. Ари ахәшә азы, исымоу аинформациала, иҟоуп ауадаҩра, уи ахәшә Аԥсны аҩныҵҟа мацара акәым, Урыстәылагьы аиура уадаҩхеит. Аха астационар аганахьала ҳара ари ахәшә ҳамоуп. Аԥҭекақәа дара рхалоуп ахәшәқәа шаарго азы, урҭ рус ҳалахәым. Егьырҭ аԥҭека аусбарҭақәа рҿы ауадаҩра шыҟоу аадыруеит хәшәқәак рыла, аха аҿкы чымазара ахшәтәраҿы иҟаӡам иалкаан хәшәык, уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам ҳәа, убри азы егьырҭ ахшәқәа ужәратәы аҭагылаашьа ыҟоуп. Ачымазаҩ ахәышәтәырҭа данҭашәа нахыс иара ихәҭоу ахәшәқәа рыла иеиқәыршәаразы ҳара зегьы ҳамоуп", - еиҭеиҳәеит Аџьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәахьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0