Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыцԥҳа Гәлиа ихьӡ зху апремиа ланашьаразы: еиҳау аусумҭа аҭыжьразы аидара саҵанаҵеит

© Sputnik / Илона ХварцкияБелла Барциц
Белла Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сталинтәи арепрессиақәа ирызку апублицистикатә усумҭақәа рсериа автор Белла Барцыцԥҳа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа даԥсахеит. Арадио Sputnik аефир аҟны лара еиҭалҳәеит аматериал шеизылгоз.
Барцыцԥҳа Гәлиа ихьӡ зху апремиа ланашьаразы: еиҳау аусумҭа аҭыжьразы аидара саҵанаҵеит

Алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа есхышықәса анашьара мҩаԥыргоит.

"Схәыҷра иацыз ҳәа сҳәар ауеит (харада ахара зыдҵаны идырӡыз рыӡбахә – аред.). Саб иашьцәа хҩык дырӡит, урҭ рԥацәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟынтәи изыхнымҳәӡеит, сабгьы 17 мшы, урҭ 17 шықәса ираҩсуа, Абааҭа дҭакны дрыман. Саб иаҳәшьа урҭ ирызкны еиҭалҳәоз раԥхьа исзеилкааӡомызт "арӡра", "37-тәи ашықәсқәа"… Апремиа атәы ҳҳәозар, сыхгьы-сыгәгьы иҭамызт. Аиаша ҳҳәозар схы ахызбаауеит, даарагьы сархәыцит… Ари аҵкьысгьы еиҳау ҭсыжьыртә аидара саҵанаҵеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Апремиа ԥхьаҟа аҽаԥсатәра аҭахуп, ари аҟны уаангылар ҟалом ҳәа ауп иаҳәо", - лҳәеит Барцыцԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0