Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба анаука-практикатә форум азы: ҳашәақәа ҳҟазараҿы акырӡа зҵазкуаны иааԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны ихыркәшоуп жәларбжьаратәи анаука-практикатә форум, уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Ашәба анаука-практикатә форум азы: ҳашәақәа ҳҟазараҿы акырӡа зҵазкуаны иааԥшит

"Иахьа уажәраанӡа аԥсуаҭҵааратә институт аҿы абри иашьашәалоу аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаԥымсыцызт. Имҩаԥаҳгоз аҟазара иазку аконференциаҿы иҟан астол гьежьқәа, аилацәажәарақәа, нас аконцерт. Дара иааз аҭҵаарадырра знапы алаку ашәаҳәаҩцәа, аҟазацәа, акомпозиторцәа, ҳаԥсуа шәаҳәаҩцәеи акомпзиторцәеи алархәны урҭ рырҿиара иагәылаланы иҭырҵаауан, иазхьаԥшуан абжьы, аҟазара ашьақәгылашьа, аҭоурых, уҳәа убас еиԥш аинтерес рыман. 75 ҭҵаарадырратә усумҭа иззыӡырҩыз рҟнытә акы ԥсыҽуп ҳәа иҟамызт. Ашьхарыуаа жәлар рҿы афырхаҵареи аибашьреи атема анцәаруга, аҳәатәы акырӡа унаҭоит. Ҳара егьырҭ ажәларқәа реиԥш абзиабара иазку ашәақәа ҳамаӡам, ҳара ҳмилаҭтә хаҿра иаҳнаҭаӡомызт абзиабара зызцәырҵыз уи ашәа ахыиҳәаауа, ара аҭыԥ змоу иаҳа афырхаҵаратә ашәақәа роуп. Аамҭа иԥнашәаз ашәақәа наунагӡа ажәлар ашыртәу иаанхоит. Ҳасасцәа идырбаз ҳашәақәа акырӡа зҵазкуа акәны иааԥшит ҳҟазараҿы", – ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0