Сезгин раԥхьаӡа акәны Гагра анырга ашьҭахь Аԥсныҟа дааит, усҟан иара ихыҵуан 24 шықәса. Аибашьҩы иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла аррамаҵзура ашьҭахь ԥышәа хәыҷык иман, абџьар атәы идыруан.
"Аҟәа ахақәиҭтәразы ҳгәыԥ Каман ала раԥхьа ажәылара ҳалагеит, усҟан Гагратәи абаталион салан. Усҟан ауп данҭаха Баҳадыр Абыӷба, Ерқан Қәҭарба дырхәит, еиҭа быжьҩык раҟара аҷкәынцәа рхәит. Иҭахаз ҳаҷкәынцәа рыԥсра усҟан иаҳзеилкааӡомызт, урҭ рҵәыуара аха ҳамамызт, аибашьра цон. Нас аибашьра ашьҭахь ауп зегьы анеилаҳкаауаз, ҳгәы аныԥжәоз. Баҳадыри сареи ҳхәыҷаахыс ҳаибадыруан. Аибашьра нҵәоит сентиабртәи ажәылара ашьҭахь ҳәа ихасҵомызт, ус шаҟантә ҳцахьаз ажәылара, аха ҳаиааиуамызт. Нас аиааира ҳгеит, аибашьра нҵәеит ҳәа анырҳәа ихасҵомызт, агәра сызгомызт", - еиҭеиҳәеит аветеран.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ари аамҭа зегьы иалагӡаны аҭагылазаашьа еиӷьхартә ҳәа са исымбеит. Аилацәажәараҿы исгәамԥхаз ақыҭа аиҳабацәеи араион ахадацәеи ирдыруазароуп рҳәеит афермақәа ахьыҟоу. Аха ҳара ҳаиҳа, афымцазҟазацәа иаҳа ирдыруеит. Афермақәа анаҿырхлак ашьҭахь инеины иаҿазкуада дара ида? Администрациақәа рҟны инеины ауааԥсыра ирҳәалааит зҿы амаинингқәа ықәгылоу ҳәа рыларҳәеит, аха дазусҭа "сгәыла изықәгылоуп" ҳәа днеины изҳәо. Уи даара ихьанҭахоит, ҟаҵашьагьы змам усуп. Акызаҵәак, ҳгәы иҭоуп ақыҭақәа рҿы аизарақәа рымҩаԥгара, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа алархәны. Анхацәа ԥырхага рызҭо ыҟазар, уа ирымҳәар ауӡом. Ус дцәыҵалан аԥсуа акгьы изҳәаӡом, аха аизараҿы уҿаҟны иаҳа иуаиҳәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бараҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭобиектқәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ҟанаҵом
Аԥсны иахьаҵанакуа ԥхынҷкәын 8 раахыс амаининг фермақәа русура аанкылоуп 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа ажьырнаҳәа 13 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит араионқәа рхадацәа алархәны. Уаҟа иазааҭгылан акриптоԥара зырҳауа амаинингтә фермақәа русура аанкылара азҵаара.
"Ирӷәӷәахоит уи аус ҳәа алкаа ҟасҵеит (амаинингтә фермақәа русура аанкылара –аред.). Аилатәара иалахәыз зегьы рҟынтәи аилибакаара ыҟоуп ари аус хылаԥшра аҭамхар, афымцамч аганахьала аҭагылазаашьа иаҳагьы ишыуадаҩхо. Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы араионқәа рхадацәа рҿаԥхьа адҵа ықәиргылеит амилициеи афымцамч аусзуҩцәеи рымацара ирыдырмыжьларц ари аус. Ақыҭақәа рнапхгаҩцәа рҿаԥхьа ари азҵаара иӷәӷәаны иқәдыргыларц адҵа рыҭан. Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы иҳәеит аус ишацрымҵуа аҭыԥ иқәҵахаанӡа", - иҳәеит Ҷолокәуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭобиектқәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ҟанаҵом
"Амшынеиқәафымцамч" акриптофермақәа зегьы аҿыхтәуп ҳәа ақәҵара аднакылеит
АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Ажьырныҳәа 25-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны акарантин рылаҳәоуп, иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, абри аҩыза аӡбамҭа аднакылеит аректорат, абри атәы Sputnik иазааицҳаит апресс-маҵзура анапхгаҩы Џьамбул Инџьгьиа.
Инџьгьиа иажәақәа рыла, ашықәс алагамҭазы COVID-19 рзышьақәырӷәӷәан аӡәык-ҩыџьак арҵаҩцәа. Астудентцәа рҟынтә аҿкычымазара ӡәыр рцәа иалу иаламу аилкаара иаҿуп.
2020 шықәсазы атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет анапхгара аҵараиурҭа аҭалара аԥҟарақәа рыԥсахит. ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа иажәақәа рыла, ауниверситет ахь ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркылеит. Аԥышәаратә сессиа ашьҭахь еилкаахоит хәыда-ԥсада аҵара зҵои, аҵара ахә зшәалои.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа.