"… Зны сҩызак Ҭырқәтәылантә даан ус сеиҳәеит: "Ақыҭаҟны унхоит, арахь акәтаӷь умаӡам, аӡәы дузааиргьы ирҿоумҵои, узлақыҭауаҩи акәты умамзар?" - ҳәа. Абас сеиҳәан, сирԥхашьеит. Акәтааӡара сыздыруам анысҳәа, уи азы аҵара аҭалара аҭахым иҳәеит… Нас саалаган аинкубатор аазгеит Ҭырқәтәылантәи, акәытқәа анысҵеит… Аԥсназы ухы иаурхәозар иҟауҵо аус ыҟоуп. Уаҳа акгьы узыҟамҵозар, ахш узҭо ажә ааухәаргьы – уабоит. Иугәамԥхо аус ауп иуадаҩу, иуҭахымкәа иҟауҵо", - иҳәеит Арӡынба.
Ҭырқәтәылеи Аԥсныи ақыҭаԥсҭазаашьа еиҿырԥшуа иазгәеиҭеит аашьаҩцәа зегьынџьара ишеиԥшу. Раҳми еиҭеиҳәеит амедицинатә цхыраара аниҭаху иахьиоуа атәы, иара убас Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа арахь нхара раара иаԥырхагоу ҳәа ииԥхьаӡо атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Раҳми Арӡынба: сыԥсадгьыл сыла иасырбап ҳәа сааит, уаҳа сагьымцаӡеит
"Ачымазара ҿкы иадҳәалаз аинформациатә усура, уи аҽазыҟаҵара, уи агәҽанызаара, аҳәынҭқаратә усбраҭақәа еиҿыркаауаз аусура зегьы аинформациала еиқәыршәатәын. Ачымазара ыҟоуп ҳәа ажурналистцәа аусурахь имнеиуа, рхы хьчара мацара иашьҭамызт. Дара рнапынҵақәа зегьы нарыгӡар акәын, уи иахылҿиаауаз ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны. Ашықәс еихшьаала иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны ажурналистцәа аус ахьыруазаалакгьы, аибашьра аамҭа шыҟаз еиԥш, аидгылара ҟаҵаны, аицхыраара ҟаҵаны ихадароу ахықәкы, ажәлар ирдырыц ирықәнагоу аинформациа рызнагараҿы даара аџьабаа рбеит. Акырӡа аусбараҭақәа русура аанкылан, аха зда ԥсыхәа амам ҳәа еиқәырыԥхьаӡо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥхьа игыламзар, рыгәҭаны игылан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
"Ари аамҭа зегьы иалагӡаны аҭагылазаашьа еиӷьхартә ҳәа са исымбеит. Аилацәажәараҿы исгәамԥхаз ақыҭа аиҳабацәеи араион ахадацәеи ирдыруазароуп рҳәеит афермақәа ахьыҟоу. Аха ҳара ҳаиҳа, афымцазҟазацәа иаҳа ирдыруеит. Афермақәа анаҿырхлак ашьҭахь инеины иаҿазкуада дара ида? Администрациақәа рҟны инеины ауааԥсыра ирҳәалааит зҿы амаинингқәа ықәгылоу ҳәа рыларҳәеит, аха дазусҭа "сгәыла изықәгылоуп" ҳәа днеины изҳәо. Уи даара ихьанҭахоит, ҟаҵашьагьы змам усуп. Акызаҵәак, ҳгәы иҭоуп ақыҭақәа рҿы аизарақәа рымҩаԥгара, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа алархәны. Анхацәа ԥырхага рызҭо ыҟазар, уа ирымҳәар ауӡом. Ус дцәыҵалан аԥсуа акгьы изҳәаӡом, аха аизараҿы уҿаҟны иаҳа иуаиҳәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бараҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭобиектқәа рҿы амаинингқәа рықәыргылара азин ҟанаҵом