Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цыкәҭаниа: аӡсара еиӷьу акгьы ыҟаӡам, усҟан ауаҩы ицәеижь зегьы аус ауеит

© Sputnik / Леон Адлейба Феликс Цикутания
Феликс Цикутания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 1 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Абыргцәа жәларбжьаратәи рымш. 75 шықәса зхыҵуа Феликс Цыкәҭаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан абырг ҳәа анизырҳәо дызгәаауа, насгьы ихы-игәы бзиан ибартә еиԥш алшара изҭо закәу.
Цыкәҭаниа: аӡсара еиӷьу акгьы ыҟаӡам, усҟан ауаҩы ицәеижь зегьы аус ауеит

Абырг ҳәа ансарҳәо сгәы иалсуеит, аҷкәынцәа ргәалаҟазаара сымоуп ҳәа аиҿцәажәара хациркит 75 шықәса ирҭагылоу Феликс Цыкәҭаниа.

"Схәыҷы аахыс аспорт бзиа избоит, сышқәыԥшыз аҩны, агәара уҳәа маха-шьахала аус зуан. Аҟәаҟа саниас, ашьыжьымҭан асааҭ хәба-фба рзы амшын ахь аныҟәара салагеит, 300-400 метра сныҟәаны аҩныҟа саауеит, нас сыԥсы анысшьалак, аусурахь сцоит. Ахәылбыҽха 7-8 километра сныҟәоит, еиҳарак аӡынразы, аԥхынра аиашазы уиаҟара ҳныҟәаӡом, избанзар еиҳа сыӡсауеит, уи сгәазы еиҳа еиӷьуп. Аԥхьа жәа-метрак рыла салагеит, уажәы шьыжьымҭан инаркны хәылбыҽханӡа амшын схызаргьы сааԥсаӡом. Абҵарамзанӡа амшын сҭоуп, аҽыкәабара салагоит лаҵарамзазы. Аӡсара еиӷьу акгьы ыҟаӡам, усҟан ауаҩы ицәеижь зегьы аус ауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цыкәҭаниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0