Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Гәынба "Акурорт "Пицунда" аԥсшьаҩцәа раҭаара иазкны

© Foto / предоставлено Фриканом ГунбаФрикан Гунба
Фрикан Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акурорт Пицунда" аиҳабы Фрикан Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы аԥсшьарҭатә комплекс аҿы шаҟаҩы рыԥсы ршьо, насгьы уи иамоу ауадаҩрақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟнытә: акурорт "Пицунда" аԥсшьаҩцәа раҭаара иазкны

"Иахьазы аԥсшьарҭатә комплекс аҿы рыԥсы ршьоит 1800-ҩык. Ҵыԥх уажәааны 1200 ракәын иҟаз. Уи зыбзоурахазгьы ҳәа ҳгәы иззаанаго Гьаргь Блаб ихьӡ зху абокс азы Пицунда имҩаԥысуа атурнир ауп. Амшқәагьы аԥсшьараамҭазы ибзиоуп, уи алагала ыҟоуп. Уажәазы азыҳәарақәа маҷуп иҟарҵо еиҭа аԥсшьаразы, аха амз аҵыхәанӡа аус аауп ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба.

Аԥсшьарҭатә комплекс аҿы иҟоу ауадаҩрақoа ртәы далацәажәо, Гәынба иҳәеит.

"Аӡыканал ацхыраара аҭахуп, уи аҳабла зегьы ӡыла еиқәнаршәоит иара аԥсшьарҭатә комплекс адагьы, иара анаплакы абаланс аҿы иқәгылоуп, иҟаҵатәу рацәоуп. Аӡыцрыҵқәа ракәзар, ақәра рымоуп, есԥхынра амчра ӷәӷәа роуеит, усҟан ана-ара иацәцо иалагоит. Уи аҭыԥ аԥшаара усҟак имариам, иҳақәҿиеит иара атәы здыруа Алексеи Кьетиа дахьҳамоу. Иара акыр шықәса аус иуеит, аԥсшьарҭатә комплекс аҿы аӡыцрыҵқәа шьышьықәгылоу атәы идыруеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0