Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бениа еиҭеиҳәеит Павел Арӡынба игәалашәара иазкны Бзыԥҭа аҽырыҩрақәа шымҩаԥгахо атәы

© SputnikДжарназ Бения
Джарназ Бения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Павел Арӡынба игәалашәара иазкны Бзыԥҭа аҽырыҩра мҩаԥгахоит жьҭаара 4 рзы. Аҽыбӷаҟазаратә федерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ари аусмҩаԥгатә шаԥшьгаз, аицлабрақәа ирылахәхо, шаҟа ҽырыҩра мҩаԥгахо.

Бзыԥҭа сынтәа ҩынтәуп еиҿыркаауеижьҭеи Леон иорден занашьоу Павел Арӡынба игәалашәара иазку аҽырыҩрақәа.

Бениа еиҭеиҳәеит Павел Арӡынба игәалашәара иазкны Бзыԥҭа аҽырыҩрақәа шымҩаԥгахо атәы

"Павел Харитон-иԥа Арӡынба аҽыбӷаҟазараҟны иџьабаа дууп. Аибашьра ашьҭахь иара аӡәзаҵәык иакәын Аԥснынтәи Урыстәыла аиааирақәа рацәаны изгоз, Германиа, егьырҭ атәылақәа рахь дцон. Бзыԥтәи аипподром еиқәирхеит, иахьагьы уа ҳаҽқәа ҭагылоуп, иааԥсара рацәоуп. Уи адагьы Павел Харитон-иԥа Аԥсны ашәарҭара ианҭгылаз атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Данҳаԥха иара, убас еиԥш агәаанагара сызцәырҵит игәалашәра иазку аҽырыҩрақәа рымҩаԥгара. Аҷкәынцәа иузеиҿкаауазар ҳудгылоит ҳәа сарҳәеит. Иара жьҭаара 10 рзы диит, аха арахь иааскьаганы изыҟаҳҵо (аҽырыҩра - аред.), ачымазара ҿкы азы иҟоу ашәарҭара инамаданы амза 5 рзы аԥкрақәа ахьалагалахо ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Бениа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит аҽқәа хәынтә ишдырыҩуа еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рҟны. Урҭ рҟны хә-ҽык иреиҵамкәа иҩуеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0