Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа: аҭаацәа шәаны ахәыҷқәа ашкол ахь измышьҭуагьы ыҟоуп

© Foto / предоставлено Мананой ДжинджолияМанана Джинджолия
Манана Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи 4-тәи абжьаратә школ аҵараҟәша аиҳабы Манана Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашкол аҿы аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьалԥҳа Тҟәарчалтәи ашкол аусура аҿкы чымазара аамҭазы

"Асанитартә маҵзура иҳарҭаз абжьгарақәа излауала ҳрықәныҟәоит. Арзҩыдаратә маҭәарқәа ҳамоуп. Аха ахәыҷқәа маҷны иныҟәоит, убри аан ичмазаҩу ҳәа аӡәгьы дҳамаӡам. Ҭелла аҭаацәеи ҳареи ҳаицәажәоит. Аҩны иҟоу аҭагылазаашьа еилаҳкаауеит, аха дара еиҳаракгьы ишәоит азы ахәыҷқәа ашкол ахь измышьҭуа ыҟоуп. Фымз ашкол ахь ҳныҟәаӡомызт, ахәыҷқәа хәыҷык ирцәыцәгьоуп аурок аҿы атәара, аха апрограмма ҳацныҟәаны, идҳмырҵазгьы дырҵара ҳаҿуп. Ахәыҷқәа аиашазы игәхьааган иҟан, ашкол ахь аара рҭахын, рҩызцәа мацара рзы акәым, аҵарагьы шаҭаху еилыркаауеит уажәшьҭа", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0