Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хынҭәба афестиваль "Раида" азы: ажәытә ҳашәақәеи ҳакәашарақәеи ҳмырӡроуп

© Foto / Нонна ТхәазԥҳаХьымца Хынҭәба
Хьымца Хынҭәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәандәрыԥшьтәи афольклортә ансамбль "Ахымаа" асахьаркыратә напхгаҩы Хьымца Хынҭәба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит афольклортә ансамбльқәа рфестиваль амҩаԥгара аҵакы, амилаҭ ахаҿра амырӡразы ажәытә ашәақәеи акәашарақәеи реиқәырхара шаҭаху.

Афольклортә авокалтә ансамбльқәа ажәабатәи рфестиваль "Раида" мҩаԥысуеит жьҭаара 9 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Аиубилеитә фестиваль иалахәхоит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи ансамбльқәа жәаба. Аконцерт ашьҭахь алахәылацәа иранаршьоит адипломқәа, аԥхьахәқәа.

 

Хынҭәба афестиваль "Раида" азы: ажәытә ҳашәақәеи ҳакәашарақәеи ҳмырӡроуп

"Афольклор адаракәац имырӡкәа бызшәаҿырҳәала иаагоуп. Нури Еремеи-иԥа Кәарҷиа есышықәса ҳаизигоит, досу ирылоу гәаҭаны ауаа идирбоит ҳҟазшьа, ҳауаҩышьа. Ари (афестиваль –аред.) ҵакыс иамоу ҳаԥсуара, ҳашәақәа, ҳакәашарақәа рмырӡроуп. Уи акраҵанакуеит. Афольклор закәу ауаа ирдырааит, ашәақәа бжамхароуп, еицамкхароуп ҳакәашарақәа", - иҳәеит Хынҭәба.

 

Агәыԥ "Ахымаа" иахьазы 11–ҩык еиднакылоит ҳәа еиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы. Инарыгӡоит ажәытә ашәақәа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаҧхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0