Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьба: апандемиа рхы иархәаны аԥҭекақәа рнапхгаҩцәа ахәшәқәа рыхә шьҭырхуам

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Аджба
Ахра Аджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра афармациа аҟәша аиҳабы Ахра Аџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥҭекақәа рҿы ахәшәқәа рыхә ашьҭыҵра иахҟьаны имҩаԥгаз агәаҭарақәа ртәы.

 

Аџьба: апандемиа рхы иархәаны аԥҭекақәа рнапхгаҩцәа ахәшәқәа рыхә шьҭырхуам

"Иахьатәи аамҭа рхы иархәаны аԥҭекақәа рҿы ахәшәқәа рыхә шьҭырхӡом аԥҭека анапхгаҩцәа. Аԥҭекақәа рҿы ахәқәа реиԥшымзаара мзызс иамоу, уи дара ахьынтәиаарго ауп. Есыҽны рыхә рыԥсахуеит Урыстәыла. Аԥҭека дуқәа ирымоуп алшара иаҳа ахә рмаҷны ақәыргылара, иаҳа имаҷу, ус еиԥш алшара амоур ҟалоит. Аковид аҟнытә аҩны зҽызхәышәтәуа ахәшәқәа ааихәароуп, урҭ рыхә мариам, уи ауп иахьазы иаҳа изыргәамҵуагьы. Урыстәыла уажәы еиҭа аҿкы чымазара зыхьуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иацлеит. Ҳәарада, ахәшәқәа аазхәо иаҳа ирацәаҩхеит, убри аҟнытә хәшәқәак рыҟамзаара ауадаҩрагьы ҟалеит, аха аҳақьыми ачымазаҩи еицәажәаны уи зыԥсахуа изылиҩаар алшоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аџьба.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0