Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бигәааԥҳа аковид-госпиталь аҿы лыҷаԥшьаразы: ачымазцәа ражәа хаа ҳгәы шьҭнахуан

© Foto / предоставлено Кристиной БигваваКристина Бигвава
Кристина Бигвава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа амедиаҳәшьа Кристина Бигәааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы лыҷаԥшьарақәа шымҩаԥысуаз атәы.

 

Бигәааԥҳа COVID-госпиталь аҿы лыҷаԥшьаразы: ачымазцәа ражәа хаа ҳгәы шьҭнахуан

"Мчыбжьык уа ҳаҟан. Ашьыжь асааҭ быжьба рзы азона ҟаԥшь ҳәа иахьашьҭоу ҳаҩналон, шьыбжьон асааҭ 1-2 рҟынӡа уа ҳаныҟаз ыҟан, аҭагылазаашьа зеиԥшраз еиԥш, ачымазаҩцәа ааргар, ҳаанхар ауан, нас ҳусқәа ааҟаҵаны ҳдәылҵуан. Ҳусура зырцәгьо иаҳшәу ахыхьчагатә маҭәарқәа роуп. Ашоура бааԥсуп, аԥхӡы улҵуеит, иҟауҵо убаӡом, убри ауп еиҳарак аџьабаа зцу, ицәгьоуп уанашьцылам. Ачымазцәа згәы каҳан иҟоу ыҟоуп, аха убри аан ирылшон ажәа хаақәа ҳаҳәара, уи ҳаргьы ҳгәы ҟанаҵон, еилыркаауан ҳусура атәы, игәнызгозгьы дубарын. Зны-зынла иахьыҳамбоз азы рда ҳанақәымшәоз ыҟан, аха ачымазцәа гәамҵӡомызт, аилкаара аадырԥшуан", - ҳәа еиҭалҳәеит Бигәааԥҳа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0