Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Воуԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа Аҟәа рыхәшәтәра шеиҿкаахо атәы

© Foto / предоставлено Ирмой Воуба Ирма Воуба
Ирма Воуба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аинфекциатә хәышәтәырҭаҟны COVID-19 зыхьуа рыдкылара шеиҿкаау.
Хра злоу ахҭысқәа: Воуԥҳа ачымазара ҿкы зыхьуа Аҟәа рыхәшәтәра аиҿкаара атәы

"Ачымазара ҿкы зыхьуа рхыԥхьаӡара даара ирацәахеит, Гәдоуҭатәи агоспиталь иахьазы иҭәуп, уахь ауаа ҳзымшьҭуа аҟынӡа ианыҟала, Аҟәа ақалақь ахада адҵа ҳаиҭеит астационартә клиникақәа рҟны аобсервациатә блокқәа раартра. Урҭ реиҿкаара уадаҩхеит, избанзар аремонт ҟаҵатәхеит, хәшәыла-маҭәахәыла аиқәыршәара аҭаххеит. Иацы аинфекциатә хәышәтәырҭа зегьы ачымазара ҿкы иаҵанакуа еиҿаҳкааит. Уа иҟоуп 30 ҭыԥ, иахьала ирыдыркылеит 23-ҩык ауаа, хҩык рчымазара бааԥсуп, урҭ дәықәаҳҵоит Гәдоуҭа агоспиталь ахь", - лҳәеит Воуԥҳа.

Лара иазгәалҭеит убасгьы Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа иахьаҵанакуа аиарақәа ҩажәа реиҿкаара азгәаҭаны ишрымоу иааиуа жәамш рыҩнуҵҟа.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0