Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ануа амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аашьҭразы: иҟаҳҵаз аҳәара иаразнак ахаҵгылара аиуит

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Ануа
Владимир Ануа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал Владимир Ануа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аруаа амобилтә госпиталь аусура шеиҿкаахо атәы.
Ануа амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аашьҭразы: иҟаҳҵаз аҳәара иаразнак ахаҵгылара аиуит

"Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иахь иҟаҳҵаз аҳәара иаразнак ахаҵгылара аиуит. 30 машьына инареиҳаны Будионовскынтә иаҳзааит агоспиталь. Дара рнаҩсгьы Ҟрымынтәи адәахьы атехникала ахәшәқәа ақәызҭәо ааит. Урҭ абыжьбатәи абазаҟны (Гәдоуҭа - аред.) иаангылеит ашамҭазы. Ҩажәаҩык инареиҳаны арратә базаҟынтәи аруаа агоспиталь ахьчараҟны ацхыраара ҟарҵалоит. Ас еиԥш агоспиталь маншәалоуп, аспециалистцәа ацуп. Иахьа убасгьы Адлер аҳаиртә баӷәазаҟынтәи хԥа-ԥшьба машьына рыла ахәшәқәа ааргоит. Иахьа иаҳзааз агоспиталь, аиҳабыра изларҳәо ала, 100-110-ҩык рҟынӡа ачымазцәа рыдкылара, рхылаԥшра рылшоит", - иҳәеит Ануа.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аруаа амобилтә госпиталь аргылара иалагеит Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы. Агоспиталь амедицинатә персонал асасааирҭа "Аиҭар" иҩнаҵахоит. Ара агоспиталь аҳақьымцәа авирус COVID-19 зыдбалоу апациентцәа рыхәышәтәра нап аларкуеит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан Аԥсны атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәара ашьҭахь, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿ ацхырааразы. Уи аҿы ишьақәыргылахоит арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0