Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габуниа апандемиа аан аԥсрақәа рымҩаԥгашьа еилазго изы: дызҵымҵуа ауал иқәҵазароуп

© Foto / предоставлено Джумой Габуния Джума Габуния
Джума Габуния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә пандемиа аамҭазы Аԥсны аԥсрақәа рымҩаԥгашьа азҵаара арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ адиректор Џьума Габуниа.

 

Хра злоу ахҭысқәа: Габуниа апандемиа аамҭазы аԥсрақәа рымҩаԥгара атәы

"Ари ачымазара ҿкы иахҟьаны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ҳҳақьымцәа ирхырго ҳбоит. Аҳәынҭкарра ахада иусԥҟа инақәыршәаны иахьатәи ҳаамҭазы аҽынкылара шаҭаху азгәаҭаны араион аҟны аизара ду мҩаԥган. Арыцҳара иақәшәаз уи дазхәыцру, изнеиуа ауаа ак рыхьру ҳәа дхәыцуа еиԥш аамҭа ҳҭагылоуп, уи ганрацәала азнеира аҭахуп. Аԥсуа жәлар зегьы иахьыҟазаалак реидкылара зџьабаа ду адыз, еицырдыруа азиндырҩы, апрофессор, академик Тарас Шамба ааигәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагеит Абӷархықә. Аԥсуа жәлар ас еиԥш алԥсаа ду дышҳамазгьы, аҭаацәа рхьаа аҵкыс рыуаажәлар рыхьчара иазхәыцит, аԥсрахьы знеира амуаз рнаҩс егьырҭ раанкыларазы аҳәара ҟарҵеит. Ажәлар абри ииашаны ирыдыркылеит… Ас еиԥш аамҭа ҳанҭагыло азы, ииашаны азнеира аҭахуп, ҳажәлар еиқәҳархароуп. Малс иҳамоу - ауаҩы иоуп. Ҳахьыҟазаалакгьы ари аҭагылазаашьа аӡәк иеиԥш ҳазнеироуп", - иҳәеит Габуниа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0