Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа ацхыраара лас аусуразы: уахыки-ҽнаки 70-нтә ианаҳзасуа ыҟоуп

Анапаҵаҩра
Ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҿкы чымазара змоу рхыԥхьаӡара арацәахара русура ишаныԥшыз атәы.
Џьопуа ацхыраара лас аусуразы: уахыки-ҽнаки 70-нтә ианаҳзасуа ыҟоуп

"Ахьҭақәа ҟалеижьҭеи аҿкы чымазара зманы ацхыраара лас иаԥхьо рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәахеит. Макьана ҳаихьӡоит, ҳусуҩцәа рҟнытә ичмазаҩхаз ҳәа аӡәгьы далкааӡам. Ҳаиқәшәоуп, ҳусура ҳшаҿыц ҳаҿуп, ҳагьыцәхьаҵуам. Иахьазы, Аҟәа аҩныҵҟа ԥшь-бригадак аус руеит, абжьааԥны акәзара, х-брагадак ракәын аус зуаз. Иаҭаххаргьы ахәбатәи абригада ҟаҳҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоуп. Ҳҳақьымцәа абжьгарақәа ирхысхьеит, ачымазара змоу шымҩаԥгатәуи актәи ацхыраара шрыҭатәуи рдыруеит. Уахыки-ҽнаки 70-нтә рҟынӡа ианаҳзасуа ыҟоуп", - иҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0