Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганԥҳа Аԥсны Ахраҿа афинал азы: гаграа иаҳа аиааира рҭахызшәа снарбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Бганба
Мадина Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахраҿа афиналтә хәмарра ахәаԥшцәа Мадина Бганԥҳаи Есма Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Гәдоуҭеи Гагреи ршьапылампылтә командақәа реиԥылареи, насгьы ахәмарра ирнаҭаз агәалаҟареи ртәы.
Бганԥҳа Аԥсны Ахраҿазы афиналтә хәмарразы: гаграа иаҳа аиааира рҭахызшәа снарбеит

"Ахәмарра аинтерес аҵан. Командак иаҳа ихьысҳан ҳәа узҳәаӡом, ахәмарра бзиаҵәҟьан. Актәи азбжа нҵәеит риҵаа иҭадыршәыз мпылзаҵәык ала, зегьы азыԥшын урҭ шьҭа иаиааиуеит ҳәа. Аха аҩбатәи азбжазы гаграагьы иҭадыршәит. Ахәмарра пенальти ахь инеиуеит ҳәа ҳшазыԥшыз иназыцҵоу аамҭазы, Никита Ашәба илшеит гаграа риааира. Иубаратә иҟан ахәмарра анеиҟараха ашьҭахь гаграа иаҳа аиааира шырҭахыз, усшәа збеит сара", - ҳәа еиҭалҳәеит Бганԥҳа.

Ахәмарра ахәаԥшҩы Есма Џьыкырԥха иазгәалҭеит астадион аҿы имаҷымкәа ахәаԥшыҩцәа шыҟаз, уи хымԥада, ашьапылампыл асыҩцәа рыхәмарра ианыԥшуан.

"Ахәмарра иахәаԥшырц инеит ԥыҭҩык. Жәаҳәарада, ахәаԥшцәа анырацәоу, уи ашьапылампыласҩцәа еиҳагьы стимулс ироуеит ахәмарра бзиа аарԥшразы, аиааира агаразы. Ахәаԥшцәа ргәы шьҭыхуа, ашәа ҳәо, рнапы еинҟьо ианрызнеиуа, ашьапылампыласҩцәагьы ргәы шьҭыҵуеит", - ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0