Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дгьебуаӡе Ахраҿа агаразы кыр зҵазкуаз ампыл аҭаршәразы: аиашазы, ишыҟалазгьы сгәалашәом

© Sputnik / Томас ТхайцукГеоргий Дгебуадзе
Георгий Дгебуадзе  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿазы афиналтә хәмарраҿы иреиӷьу ашьапылампыласҩы ҳәа иалкааз Гьаргь Дгьебуаӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәмарраҿы гагратәи акоманда аиааира рзаазгаз ампыл амба ишҭаиршәыз.
Хра злоу ахҭысқәа: Дгьебуаӡе Ахраҿа агаразы афиналтә хәамарразы

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿазы афиналтә хәмарра мҩаԥысит астадион "Динамо" аҿы. Афинал аҟны еиқәшәеит гәдоуҭатәи "Риҵеи" "Гагреи". 2:1 ҳәа Гагра Ахраҿа иаԥсахеит. Иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далкаан "Гагра" ашьапылампыласҩы Гьаргь Дгьебуаӡе.

"Аиашазы, ампыл шҭасыршәыз сгәалашәаӡом. Акәакь аҟынтә ҳжәылеит. Рамин Барцыц иааишьҭит ампыл, хыла сасит, амбахьчаҩгьы изымкыкәа акәакь ахь инасышьҭит. Ахәмарра аҩбатәи азбажазы аԥыжәара ҳара еиҳаны иҳаман, уи акәхап аиааирагьы ҳара изаҳгаз. Ахәмарра анҵәамҭазы ампылқәа анҭауршәуа, уҭагылазаашьа ԥхасҭахоит, ҳаргьы шьҭахьҟа цашьа ҳамамызт. Сара ари ахәмарра салахәымзар акәын, снапы ԥҵәаны иҟоуп, уажәыгь имӷьацт, аха ҳаҵахоушәа аниба ҳазыҟаҵаҩ, ашьапылампылтә дәы сықәиҵеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Дгьебуаӡе.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

"Гагра" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа анашьахеит

Ажәабжьқәа зегьы
0