Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа еиҭеиҳәеит Тҟәарчалынтәи Гәымаҟа ашьхақәа ииаганы рааӡара дшалагаз

© Sputnik / Алхас МанаргияЗураб Гогуа
Зураб Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион Гәыма ақыҭан ашьхааӡара знапы алаку Зураб Гогәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашьхақәа уи аҭыԥ аҟны изниҵаз, насгьы афымцацәаҳәақәа ашьхааӡара иахьынӡаԥырхагоу атәы.

 

Гогәуа еиҭеиҳәеит Тҟәарчалынтәи Гәымаҟа ашьхақәа ииаганы рааӡара дшалагаз

"Ашьхақәа еснагь иҳаман. Ҳабду, ҳаб урҭ рааӡара рнапы алакын Тҟәарчал аҩадахьы ҳахьынхоз Аԥсуаа рҳабла ҳәа ахьазырҳәоз. Сышхәыҷыз ашьхақәа аус рыдулашьа сдырбахьан. Аибашьра анцозгьы ҳаб ишьхымзақәа еиқәханы иҟан, анаҩс Аҟәаҟа иаазгеит, аха уа имҿиеит. Ашьҭахь (Гәыма – аред.) адгьыл анызга, арахь ииазгеит, иҿиеит. Ашьхақәа аҩназы исааӡоит, кондитертә цехк хамоуп, уа ирыхәоит, насгьы аҩызцәа, аҭынхацәа ирзаҳшоит ԥшӡала, излаҳалшо ала", - иҳәеит Гогәуа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0