Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогьиа еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы ашколхәыҷқәа аҵара шыддырҵо атәы

© Foto / предоставлено Баталом ГогияБатал Гогия
Батал Гогия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҭоурых арҵаҩы Баҭал Гогьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы аҵаратә процесс шеиҿкаау.
Гогьиа еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы ашколхәыҷқәа аҵара шыддырҵо атәы

COVID- 19 иахҟьаны Аԥсны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы ашколқәа рҟны аҵаратә процесс аанкылоуп абҵара 24 рҟынӡа.

"Ашьыжь ҳҵара ҳалагоит апрограмма Zoom ала асааҭ жәаба ма жәеиза рзы. Ахәыҷқәа ирыдысҵаз адҵақәа аныҟарҵалак, еилыркааз, ишырҵаз сзеиҭарҳәоит. Уадаҩрас иҟоу - зегьы ирымаӡам ахархәагақәа онлаин аҵара амҩаԥгаразы. Аклассқәа рҟны 30-35 ахьтәоу ыҟоуп, аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа реиҳараҩыки ҳареи аус еицаҳуеит, аимадара ҳамоуп. Сааҭк еиҵаны аурок мҩаԥаҳамгацт, избанзар акласс аҟны ианымҩаԥуго иаҳа уарманшәалоит, ҳәарада. Ҳашкол аҟны зықәра хәыҷык инеихьоу арҵаҩцәа ыҟоуп, аха урҭгьы иацклаԥшны ахәыҷқәа ирызнаргар рҭахуп амаҭәар ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәа рыла", - иҳәеит Гогьиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0