"Иаҳхысыз амчыбжь ала игәаҳҭозар уажәы аҭагылазаашьа ҭыԥк аҟны иҟоуп, ичмазаҩхаз иагьрыцлом иагьрыгхом. Иаҳзышьҭоуп 29-ҩык, урҭ рахьынтә хҩык иаҳа иӷәӷәоуп, аҳауа назышьҭуа аппарат ала рыԥсыԥ ларгаҩаргоит. Ашоура, аимҳәа зауз ргәы рҽанызароуп, ахәышәтәырҭаҟны ицаны анализ арҭароуп асезонтә грипп акәу, аковид-чымазара рымоу аилкааразы", - ҳәа азгәеиҭеит Гәыниа.
Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҵахнакьиа: акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа ирыцҵахоит абҵара 24 рышьҭахь
"Акаҭран ақәҵара аус нап аркын ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа. Аҳабла амҩаду хада быжь-километрак инареиҳаны ибжьоуп, уи акаҭран ықәҵан. Уи ашьҭахь амҩадуқәа ҩба ҟаҵан. Еиҭа амҩадуқәа аанхеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гагреи ҳареи ҳаимаздо, иара ихадоу ҳәа иԥхьӡоуп. Аԥсшьаҩцәа навигаторла ианаауагьы иднарбо уи амҩоуп. Амшқәа рԥырхагамхар, уи нап адыркраны иҟоуп. Аусурақәа угәы иаахәартә анагӡара иаҿуп. Еиҭа ҳгәы иҭоуп ацхыраара лас ахьыҟоу ахыбраҿы, уа уажәы амбулаториагьы ҳамоуп ачымазараҿкы змоу рзы, иара иаҳа инарҭбааны аҟаҵара. Алашара аҭагылазаашьа уажәазы еиҳа еиӷьхеит. Адҵа ҟалеижьҭеи афермақәа ахьаҿаҳхыз рацәоуп, амҳәыр ықәыргылан иахьыҟаҳҵаз ыҟоуп, афымцацәаҳәақәа иахьҿахҵәахаз ыҟоуп, уи иаразнак афымцамч ианубаалартә иҟалеит. Уигьы угәы иамыхәарц залшом", - иҳәеит Цыгәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
"Жәабранмза инаркны ашколқәа раатра алыршахар, азин рырҭар, иҟалоит ухы иаурхәар ааԥынтәи аԥсшьарамшқәа, асабша. Абжьааԥны рашәарамзазы аҵара хыркәшахозҭгьы, уажәы ухы иаурхәар ҟалоит иара ԥхынгәымзагьы. Хәымз рҟынӡа аҵарашықәс ҟауҵар ҟалоит, уи аамҭа иалагӡаны алагарҭатә классқәа рҿы раӷьарак дырҵаны, ахәыҷы анбанқәа еихьшьааланы даԥхьо, акалам акышьа ирҵо абас ауаҩы иҟаиҵар алшоит. Имариоу усуп ахәыҷқәа шықәсык рааныжьра, аха уи даара ахәыҷқәа рзгьы рыцҳароуп. Сгәы иаанагоит ԥсыхәас иҟоу зегьы-зегьы ахархәара аҭахуп аҵарашықәс ацҵаразы. Аԥхынтәи амзақәа ацырҵаргьы, ахәыҷқәа аматериал шьҭыркаартә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭатәуп. Шықәсык ибжьахо аҵарашықәс аҳәынҭқарра ианымԥшыр залшаӡом. Аҵара милаҭтә идеиоуп ҳҳәозар, аҳәынҭқаррагьы иалшо зегьы ҟанаҵароуп. Ииашоуп, уи ахарџь аҭаххоит, аха уи иеигӡатәӡам. Аҿар рааӡараҿы ахарџь аигӡара аҭахӡам", - ҳәа еиҭеиҳәеит Какоба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аминистрцәа реилазаара аҵаратә процесс азыгьежьразы иаҭаху рҳәеит
Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит ашкол ахь ацара азин ҟалар, аҵаратә процесс шеиҿкаахо
Гәымԥҳа: аԥкрақәа ҳрықәныҟәаны, ахәыҷқәа аҵаразы алшара раҳҭароуп